Ахәаша, ноиабр 14
Шәара шәзырԥшӡаша ауаҩы иибо ак акәымзароуп (1 Пиотр 3:3).
Аҟәышра ҳацхраауеит егьырҭ ргәаанагара пату ақәҵара. Иаҳҳәап, аиҳәшьцәа шьоукы аҽшәра бзиа ирбоит, егьырҭ бзиа ирбаӡом. Ақьырсианцәа шьоукы арыжәтә ажәра ргәаԥхоит (ҳәарада, иахмырҟьацәакәа), егьырҭ зынӡа ирымжәларц рыӡбеит. Ақьырсианцәа зегьы ргәы бзиазарц рҭахуп, аха аҽыхәышәтәразы еиԥшым аметодқәа алырхуеит. Ҳара аҽыхәышәтәразы иалаҳхыз аметод мацара иашоуп ҳәа ҳаԥхьаӡозар, насгьы уи егьырҭ ирыдаҳцалозар, урҭ зыхҟьашо хаҳәны ҳҟалар, насгьы аизараҿы акзаара ҳарӡыр ауеит (1 Кор. 8:9; 10:23, 24). Иаҳҳәап, Иегова ҳаҽшеилаҳҳәалаша иазкны аԥҟарақәа шьақәиргылаӡом. Уи аҭыԥан апринципқәа ҳаиҭоит. Ҳара, Анцәа имаҵзуҩцәа ишрыхәҭоу еиԥш, аҟәышра аарԥшны, «ламысла-патула, ииашаны ихәыцуа реиԥш» ҳҽеилаҳҳәалароуп (1 Тим. 2:9, 10). Ҳара иаҳҭахӡам зегьы ҳара иҳахәаԥшлартә еиԥш ҳҽеилаҳҳәалар. Абиблиатә принципқәа аизара ахылаԥшыҩцәагьы ирыцхраауеит аҽеилаҳәашьеи ахцәыҟаҵашьеи рганахьала рхатә ԥҟарақәа рышьақәмыргылара. w23.07 23—24, абз. 13, 14
Асабша, ноиабр 15
Ибзианы шәысзыӡырҩла, убасҟан афатә бзиа шәфалоит, илыԥшааху афатә хкқәа рыла шәчалоит (Ис. 55:2).
Иегова иаҳирбоит насыԥла иҭәу аԥсҭазаара ҳамазарц азы иҟаҵалатәу. Зыбжьы цәгьоу «ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара здызкыло ауаа рыԥсҭазаара «ихаау», иҵәаху ргәаҳәарақәа рынагӡара ауп изызку. Аха аԥхьаҟа ирзыԥшу анышәынҭра ауп (Ажәам. 9:13, 17, 18). Шаҟа иреиԥшымзеи урҭ «ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара» аҟынтә ааԥхьара здызкыло ауаа! (Ажәам. 9:1). Ҳара Иегова бзиа иибо бзиа абашьеи ицәымӷу ацәымӷшьеи ҳҵоит (Аԥсал. 97:10). Иара убас ҳара даараӡа иаҳгәаԥхоит «ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара» ахь асасцәа рааԥхьара. Ҳара ақалақь иҳараку аҭыԥқәа рҟынтә ауаа абас рылаҳҳәошәа иаҩызоуп: «Аԥышәа змам арахь дааиааит». Ҳаргьы уи ааԥхьара здызкыло ауаагьы уи ахаан ҳахьхәӡом: иахьагьы аԥхьаҟагьы. Ҳара иҳалшоит наӡаӡа анхареи есымша аҟәыӷара амҩала ацареи! (Ажәам. 9:3, 4, 6). w23.06 24, абз. 17, 18
Амҽыша, ноиабр 16
Ачҳара змоу иӷәӷәоу иаасҭа деиӷьуп, аҽынкылара змоугьы ақалақь згаз иаасҭа (Ажәам. 16:32).
Шәхы шԥажәбо, аус шәыцызуа ма аҵара шәыцызҵо ауаҩы шәхаҵара иазкны азҵаара шәиҭазар? Шәгәы ахыҭхыҭра иалагома? Аӡәырҩы уи аҩыза ҳақәшәахьеит. Аха урҭ рҩызцәа азҵаарақәа ирыцәшәалатәӡам, избанзар урҭ ауаҩы зыгәра иго аилкаара иҳацхраауеит. Убасҟан ауаҩы ажәабжь бзиа изеиҭаҳәара еиҳа иаҳзымариахоит. Аха ауаа зны-зынла ҳара иахьҳақәшаҳаҭым ма ажәа ҳамаркыр ахьырҭаху азы азҵаарақәа ҳарҭоит. Лассы-лассы уи зыхҟьо Иегова ишаҳаҭцәа ирызку ииашам аинформациа агәра ахьыргаз ауп (Аус. 28:22). Уи адагьы, Абиблиаҿы заа иҳәан «аҵыхәтәантәи амшқәа раан» ауаа нышәара зқәым шракәхо, ргәыжәлагьы шыцәгьахо (2 Тим. 3:1, 3). Иҟалап шәара абас шәгәы иаанагозар: «Ишԥасылшо аҭынчреи апатуқәҵареи аасырԥшлар, аӡәы схаҵара аганахьала ажәа сымеикырц азы азҵаарақәа сиҭозар?» Шәара ишәыцхраар алшоит аҟәымшәышәра, даҽакала иуҳәозар, ататара еиԥш иҟоу зыхә ҳараку аҟазшьа. Аҟәымшәышәра злоу ауаҩы аимак-аиҿак даларгалар анырҭаху, ма иаалырҟьаны азҵаара анирҭо аҽынкылашьа идыруеит. w23.09 14, абз. 1, 2